Ихыркәшоуп Аҧсны Арбџьармчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа

Раҧхьаӡа акәны урҭ мҩаҧган мҿхакы ҭбаала. Инеиҧынкылан уахи-ҽни хымш Аҧсны ахы-аҵыхәа имҩаҧысуаз арратә ҽазыҟаҵарақәа рлыҵшәа атәыла ауаажәларра ирбарҭан, иахәҭоу ахәшьарагьы арҭоит. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧысит Аҧсны арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Бадра Гәынба инапхгарала. Арҭ ахымшк имҩаҧысуаз ари аусмҩаҧгатә иалахәын аҧсуа телехәаҧшра аҭыхратә гәыҧқәа. Уажәы, мшынҵак аҳасабала ишәыдаагалоит аихшьаалатә нҵамҭа.

Смотрите также