Адгьыл шәанызар, уи қәнагала ахархәаразы ахшыҩҵак шәымазар, ақыҭанхамҩа аминистрраҿы ишәзыҧшуп

Уаҟа акыршықәса лҵшәа бзиала иааиуеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы аус зуа апрограмма. Аҧсаатә ранҵараҿы ацхыраара ҟазҵо, мамзаргьы, шәыр еиҭаҳатәла анаплакҩцәа еиқәзыршәо ақыҭанхамҩа аминистрра арҭ амшқәа рзы атәыла мрагыларатәи ахәҭа иаҭааит, аус здыруло апроектқәа рҭагылазаашьа агәаҭара хықәкыс иҟаҵаны. Агәаҭарақәа ирылахәын ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Вараздат Миносиан. Дара Аҧсны ахада адҵа риҭеит адгьыл иқәаарыхуа анаплакҩцәеи анхацәеи рыбжьара иаҳа ацхыраараа зҭаху алкааны рус азхьаҧшра. Атәыла Мрагыларатәи ахәҭаҿы агәаҭарақәа рымҩаҧысшьа ҳзеиҭалҳәоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.

Смотрите также